
Левая колонка
О группе
Ари агәыҧ алахәцәа зегьы, ҧсышәала ицәажәозароуп. Агәыҧ аҿы изыхцәажәо ("post" ҳәа англыз бызшәала иззырҳәо) атәым милаҭ бызшәала ианызар ҟалоит, аха ргәаанагара рхатәы бызшәала ианырҵозароуп. Аҧҟара атәамбаӡакәа атәым бызшәала згәаанагара анызҵаз, игәаанагара аныххоит.
Зегьы ирымоуп ахатә хәыцреи агәаанагареи рзы азин, аха дзацәажәо, зҭак ҟаиҵо, ма дзыхцәажәо Ауаҩы ихьӡи ипатуи ланамырҟәуазароуп. Дзацәажәо игәаанагара аилкаареиҧш, иара убас агәыҧ алахәыла имоуп азин ари агәыҧ аҿы излацәажәо азҵаарақәа, ахҭысқәа, ажәабжьқәа рыхцәажәара, иашыҟазаашьа аарҧшра. Алахәылацәа зегьы, рхы пату ақәҵарала, изацәажәо пату иқәҵарала еизныҟәозароуп!
Показать еще
Скрыть информацию

